АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik. Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Симферополь атеракт аԥдырҟәҟәааит, иаанкылоуп атеррористтә еиҿкаара "Хайят Тахрир аш-Шам" алахәылацәа, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аоперативтә дыррақәа рыла ҩыџьа аисламистцәа, 1992-1999 шықәсқәа рзы ииз, ахалаҟаҵаратә бомбақәа рыманы Симферополь аҵаратә усҳәарҭақәа руак иажәларц рыгәҭакын.
Атеракт ашьҭахь арадикалцәа ргәы иҭан Украинеи Ҭырқәтәылеи ирылсны Шьамтәылаҟа ацара, атеррористцәа рылахәразы.
Иаанкылоу рыҩнқәа рҿы иаадырԥшит арҭҟәацгақәа, урҭ рыхәҭақәа, реимадаратә хархәагақәа рҟны арҭҟәацгақәа шыҟаҵатәу азы абжьгарақәеи жәларбжьаратә террористтә еиҿкаарақәа ремиссарцәеи дареи рышәҟәеимдарақәа рԥыхьашәеит.
Иаанкылоу рыхьӡқәа дырӡом аусҭҵаара аинтересқәа рзы.
Ашьаус хацыркуп абомбақәа разырхиара, атерроризм апропагандеи адгылареи рыхәҭаҷ ала.
"Хайят Тахрир аш-Шам" - еиҳа ирадикалтәу исламисттә гәыԥуп, Шьамтәылатәи аибашьра иалахәылоуп. Иаԥҵан 2017 шықәса рзы Урыстәыла ззин ыҟам аиҿкаара "Джабхат Фатх аш-Шам" ("Джебхат ан-Нусра") шьаҭас иҟаҵаны.