Онишьенко урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аԥсшьаразы Аԥсны алырхларц

Аҵыхәтәантәи жәамш рыҩнуҵҟа Ҭырқәтәыла уахыки-ҽнаки акоронавирус хҭысқәа уаанӡатәи арекордттә рбагақәа иреиҳахеит. Ашәҟәы иҭагалоуп 55 941 хҭыс.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Урыстәыла аҳәынҭдума адепутат, УАИ академик, уаанӡатәи асанитар ҳақьым хада Геннади Онишьенко урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аԥсшьаразы Ҭырқәтәыла аасҭа аҭыԥантәи атуризм иазхьаԥшырц, Аԥсны алырхларц. Абри атәы аанацҳауит РИА Новости.

Алаҵа "Спутник Лайт" аҿкычымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵанатәуеит

Роспотребнадзор уаанӡатәи ахада ииԥхьаӡоит урыстәылауаа рзы Ҭырқәтәыла аԥсшьара ашәарҭара аҵоуп ҳәа, акоронавирустә хҭысқәа аизҳара иахьаҿу иахҟьаны.

"Аҳәара ду ҟасҵоит, ҳаҭыр ду зқәу урыстәылауаа, иааиуа аԥхынразы аҭыԥантәи аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ҳрызхьаԥшып: Ҟрым, 511 километр иҟоу Амшын еиқәа аҿықә, Аԥсны. Ҭырқәтәылаҟа шәымцан", - иҳәеит Онишьенко.

Иара иажәақәа рыла Ҭырқәтәыла акурорттә аамҭа иазхиаӡам.

Аҵыхәтәантәи жәамш рыҩнуҵҟа Ҭырқәтәыла уахыки-ҽнаки акоронавирус хҭысқәа уаанӡатәи арекордттә рбагақәа иреиҳахеит.