Аҭыԥантәи амчрахь: Аԥсны ахаланапхгараҭарахь алхрақәа шымҩаԥысыз

Sputnik

Иахьатәи алхрақәа реиԥш зеиԥшу бжьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы. Раԥхьаӡа акәны Аҭыԥантәи аизарақәа рахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 14 1998 шықәсазы. Уи ашьҭахь алхрақәа мҩаԥган 2001, 2004, 2007 шықәсқәа рзы, анаҩс адепутатцәа рнапынҵақәа рыҿҳәара иацҵан, ԥшьышықәса ҳәа иҟаҵан, убри аԥҟара инақәыршәаны 2011, 2016 шықәсқәа рзы алхрақәа мҩаԥысит.

2016 шықәсазы Гал араион аламырхәӡакәа лхрақәа мҩаԥысит, избанзар 2014 шықәсазы Гал иқәныхоз реиҳараҩык аԥсуа тәылауаҩра рымхын. Иахьазы уа абжьыҭара азин рымоуп 900-ҩык иреиҵаны алхыҩцәа. Аха уеизгьы ара аҭыԥантәи алхрақәа мҩаԥгатәуп ҳәа рыӡбеит. Убри аан алхыҩцәа ахьмаҷу азы адепутатцәа рхыԥхьаӡарагьы 11-ҩык рҟынӡа иагдырхеит, Аконституциа ишаҳәо ала. Иаԥҵан аҭыԥ хадақәа фба ақыҭақәа рҿы, ақалақь аҿы - хәба.

Зынӡа абжьыҭара азин рыман 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуан 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы. Зегь реиҳа алхыҩцәа рацәоуп Аҟәа - 40 нызқьҩык рҟынӡа. 2020 шықәса нанҳәамзазы аҭыԥантәи адепутатцәа ирыӡбеит алхыҩцәа рхыԥхьаӡареи адепутатцәа рхыԥхьаӡара еиҿурԥшуазар, ишеишьашәалам, убри аҟнытә алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рхыԥхьаӡара 26 рҟынтәи 19 рҟынӡа иагдырхеит. Иара убас адепутатцәа рхыԥхьаӡара ҩынтә ишозар ауп ҳәагьы ӡбан.

1 / 12
Аԥсны имҩаԥысит аҭыԥантәи амчрақәа рахь алхрақәа.
2 / 12
Зынӡа атәылаҿы абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа.
3 / 12
Алхыҩцәа шьоукы рхәыҷқәа рыманы абжьыҭара инеиуан.
4 / 12
Ари ала акәзар, алхырҭахь изнеиз аҽарԥхарц азы акәзар ҟалап.
5 / 12
Аҳҭнықалақь аҿы алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы авидеокамерақәа шьақәыргылан.
6 / 12
Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба ибжьы аиҭеит.
7 / 12
Ауаа рыбжьы арҭар рылшон 198 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы.
8 / 12
Зегь реиҳа алхыҩцәа рацәан аҳҭықалақь Аҟәа – 40 нызқьҩык рҟынӡа, иара убри аан аброуп ауаа зегь реиҳа имаҷны рыбжьы ахьарҭаз.
9 / 12
Алхратә комиссиа алахәылацәа аҽыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәоит.
10 / 12
Иарбанзаалак алхратә ҭыԥ хада аҟны аӡәгьы дырзалымхыр, ма уа алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ирыԥхьаӡар, аиҭалхрақәа рыларҳәоит.
11 / 12
Аиҭалхрақәа ҩымз ирхымгакәа имҩаԥысроуп.
12 / 12
Асааҭ 20:00 рзы алхратә ҭыԥқәа зегьы адыркит, абжьқәа рыԥхьаӡара иалагеит.