Бразилиа уаанӡатәи аасҭа иҳараку Иаса Қьырса иҳаҭәара дыргылоит

Бразилиатәи ақалақь Енкантадо идыргыло Иаса Қьырса-Ахьчаҩ иҳаҭәара адунеи аҟны еиҳа иҳараку ахԥатәи ҳаҭәарахоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Бразилиа аргылара иаҿуп Иаса Қьырса иҳаҭәа́́ра (астатуиа - аред.), уи уажәтәи Рио-де-Жанеиро ахәаны иқәгылоу Иаса Қьырса-Аԥсҿыхыҩ иҳаҭәара аасҭа еиҳахоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, New York Post адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аҳаҭәара ҿыц Иаса Қьырса-Ахьчаҩ ахьӡхоит. Иара аҳаракыра 43 метра иҟалоит. Уи 5 метрак рыла Иаса Қьырса-Аԥсҿыхыҩ иҳаҭәара аасҭа еиҳахоит. Апроект ахәԥса ҩ-миллион реал, ма 350 000 доллар иҟоуп.

Ари агәҭакы ақалақь Енкантадо ахада Адроальдо Конзаттии итәын. Иара COVID-19 иахырҟьаны хәажәкырамзазы иԥсҭазаара далҵит. Иара агәаанагара иман ари аргыламҭа ақалақь ахь атуристцәа аднаԥхьалоит, бразилиатәи акатоликцәагьы рынцәахаҵара арӷәӷәоит.