Аладатәи арратә округ аԥрыҩцәеи Амшын еиқәа афлот аруааи аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Аладатәи арратә округ аԥрыҩцәа Амшын еиқәа афлот аӷбақәа, аԥшыхәратә комплексқәа назлоу, мҩаԥыргалоит, Амшын еиқәа акваториаҿы ашәарҭадара аиҿкааразы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аладатәи арратә округ арра-ҳаиртә мчрақәеи аҳауаҽацәыхьчаратә мчрақәеи роператив-тактикатә авиациа аекипажқәа аоперативтә ҳаиртә баӷәазақәа рахь рҽеидыркылеит, Амшын еиқәа афлот амшынтә авиациеи дареи аицҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы, абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аҳаирпланшәарыцарақәеи (истребитель-аред.) абомбакажьгақәеи Су-27СМ, Су-30СМ, Су-24М, Су-34 аҽазыҟаҵарақәа раан ацәҟьарақәа ирықәкны аракетақәеи абомбақәеи дыршәлоит.

Аладатәи арратә округ аԥрыҩцәеи Амшын еиқәа афлот аруааи аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Аекипажқәа аҳауа аныбааԥсуи аӡы иныхтәало аҟара илаҟәни аԥыррақәа рықәшәар алшоит.

Аокруг ар разыҟаҵара агәаҭара мҩаԥысуеит ишьақәырӷәӷәоу аплан ала. Иара иалахәуп аокруг арра ҟәшақәа зегьи Амшын еиқәеи Каспитәи амшыни рыфлотқәа.

Агәаҭарақәа азырхоуп ар роперативтә зыҟаҵара аизырҳара, аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан аформа ҿыцқәа рыԥшаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: