Арадио

Габуниа: ашәахтәқәҵара напхгара азура асистемаҟны иаҭахуп арԥсыҽрақәак

Ашәахтәқәҵара иазыԥҵәоу, ашәахтәқәа рылгараан уадаҩрақәас иҟоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра апресс- маҵзура аиҳабы Гьаргь Габуниа.
Sputnik
Габуниа: ашәахтәқәҵара напхгара азура асистемаҟны иаҭахуп арԥсыҽрақәак

Мшаԥы 14 Аԥсны ашәахтә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәамшуп. 27 шықәса раԥхьа иаԥҵан Ареспублика аҳәынҭқарратә ашәахтә маҵзура, анаҩс уи ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ҳәа иҟалеит 2002 шыкәсазы.

"Иахьа Аԥсны ашәахтәқәҵара иазыԥҵәоу ауаҩы изымшәо, ибизнес иазышьҭнамхо иҳаракӡам. Иаагозар, иара иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә атәы ҳҳәозар, Урыстәыла 20 процент ыҟоуп, ҳара ҳҟны 10. Аилыркаа ҟасҵар сҭахуп, ихьанҭоу ашәахтә иазыԥҵәоу акәӡам, ихьанҭоу атауар анаауго, ирҭиаанӡа аԥхьа ишәатәу аҳазалхратә хеилак еизырго ауп. Уи, хымԥада, иаруадаҩуеит аус. Ашәахтәқәҵара иазыԥҵәоу 10 процентк абизнес иаԥырхагахаратәы иҟам, ашәахтәқәҵара напхгара азура асистема аганахьала иаҭахуп арԥсыҽрақәак ралагалара, сгәаанаграла, аха уи иазхәыцуазар акәхап", - иҳәеит Габуниа.

Шәазыӡырҩы аудио.