Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Ҭырқәтәыла ачымазара ҿкы COVID зыхьуа рхыԥхьаӡара иазҳаит. Хәажәкырамза аҽеиҩшамҭазы уахыки-ҽнаки ирылагӡаны ичмазаҩхоз рхыԥхьаӡара 6-8 нызқьҩык инаӡозҭгьы, мшаԥы инаркны урҭ 50 нызқьҩык иреиҳахеит, аҩаша, мшаԥы 13 рзы акәзар, 59 нызқьҩык инахыҳәҳәеит. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аанкылахоит мшаԥы 15 инаркны рашәара 1-нӡа. Убасгьы атуроператорцәа абжьгара рырҭеит макьаназы Ҭырқәтәылаҟа атурқәа рымҭиларц.
"Ҭырқәтәыла ачымазара ҿкы даара аҽарцәгьеит, мышкала 55-56 нызқьҩык раҟара уажәы ичмазаҩхоит. Британиатәи ахкы, ауаа лассы иаҳа ирылаҵәо, 85 процент рҟынӡа уи ауп иҟоу. Ари иаанагаз апроблемақәа ыҟоуп, Ҭырқәтәыла аԥсҭазаарагьы маҷк аҽаԥсахит. Ари ҳазҭалаз Рамадан амзазы даара ирӷәӷәаны аԥкрақәа рыла илбааргарц иаҿуп ачымазара ҿкы зыхьуа рхыԥхьаӡара. Аҳаирпланқәа ахьымԥыруа аӡәгьы алацәажәаӡом, аԥхьа идыргылаз ачымазара ҿкы азҵаара ауп. Иара ақалақьқәа рыбжьарагьы аимадара ԥырҵәоит, адәахьы амҩадуқәа рахь анеиааирақәа иаҳа идырӷәӷәашт ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Аҟәысба.
Иара иҳәеит убасгьы аҳаиртә еимадара Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара аамҭала аанкылара атәылаҟны ишахәаԥшуа атәы.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.