Роспотребнадзор Урыстәылаҟа ртәылауаа рыхынҳәра аԥҟарақәа арӷәӷәеит

Аԥҟарақәа аларгалоит аҳәаанырцәынтә иарбанзаалак транспортхкала ихынҳәуа урыстәылаа зегьы рзы. Уаанӡа атестқәа азҭараны иҟаз аҳаирплан ала ихынҳәуаз заҵәык ракәын.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим мҩаԥыргароуп ҳәа аанацҳауеит Роспотребнадзор апресс-маҵзура.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҳаиртә еимадара ԥкхоит

Аԥҟарақәа аларгалоит аҳәаанырцәынтә иарбанзаалак атранспортхкала ихынҳәуа урыстәылаа зегьы рзы. Уаанӡа атестқәа азҭараны иҟаз аҳаирплан ала ихынҳәуаз заҵәык ракәын.

Атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы икьыԥхьтәуп.

Уи адагьы Урыстәылаҟа ихынҳәуа ауаа иандәықәло атәыла иалало ахаҿы ианкета хадырҭәаароуп, нас урҭ  аформақәа аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии маҵзурақәа Иаку рпортал аҿы иркьыԥхьыр ауп аҳәаа ахысраан аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы асанитар-карантинтә гәаҭара иазырхиазарц.

Апандемиа иалагазар акоронавирус Урыстәыла ирыдбалоуп 4 666 209 уаҩԥсы. Иԥсыз рхыԥхьаӡара 104 000 инаӡоит, ргәабзиара шьақәгылеит 4 291 223 пациент.

ВОЗ адыррақәа рыла, адунеи аҿы 136,2 миллионҩык ачымазара рыхьхьеит, Џьонс Хопкинс ихьӡ зху ауниверситет адыррақәа рыла, уи ахыԥхьаӡара 137,4 миллион иахысхьеит, х-миллионҩык рҟынӡагьы реиқәырхара залымшеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: