Баиден Урыстәыла иазкыз ажәахә ҟаиҵеит

Мшаԥы 15 рзы ЕАА Урыстәыла аганахь ала асанкциа ҿыцқәа аланагалеит.Мшаԥы 15 рзы ЕАА Урыстәыла аганахь ала асанкциа ҿыцқәа аланагалеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. ЕАА рхада Џьо Баиден Урыстәыла иазкны ажәахә ҟаиҵеит. Америка аԥхьагыла аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва аганахьала аизыҟазаашьақәа ҭакԥхықәрала дышрызнеиуа, атәылақәа рыҩбагьы аглобалтә проблемақәа рыӡбра шрылшо атәы иҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Баиден иажәақәа рыла, Еиду аштатқәеи Урыстәылеи, ҩ-ҳәынҭқарра дук рыҳасаб ала, аҭакԥхықәра рыдны иҟоуп аглобалтә ҭышәынтәалареи реизыҟазаашьақәеи рзы.

"Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы адунеитә ҭышәынтәалараз аҭакԥхықәра ҳадуп. Путингьы саргьы ҳаизыҟазаашьақәа рҭышәныртәаларазгьы ҳҭакԥхықәра ҳаракуп. Сара уи даара акраҵанакуаны сахәаԥшуеит, сгәы иаанагоит иаргьы иара убасҵәҟьа дазыҟоуп ҳәа", - иҳәеит Баиден.

Иара игәаанагарала Вашингтони Москвеи ирымоуп еицыҟарҵаша аусқәа.

"Урыстәылеи Америкеи аус ззеицыруша рацәоуп, Ирани Аҩадатәи Кореиеи риадертә шәарҭарақәа раанкылара еиԥшқәоу, апандемиа еиԥшу, аҳауа аԥсахра акризис еиԥшу", - ҳәа иҳәеит иара.

Еиду аштатқәа Урыстәыла аганахь асанкциа ҿыцқәа аланагалеит

Америка ахада иажәахә аҿы далацәажәеит Путини иареи ҭелла реицәажәарагьы, Вашингтон аԥшьгамҭала еиҿкааз. Баиден иҳәеит аԥкрақәа рганахьала "мыцхәы дшаланамгало".

Баиден иҳәеит "ЕАА алхрақәа аҽрылагалараз асанкциақәа шалеигалаз", аха уи атәыла иаҭаз аԥхасҭа ишаҭаку.

Мшаԥы 15 рзы ЕАА Урыстәыла аганахь ала асанкциа ҿыцқәа аланагалеит. Урыстәыла ААР аҿы ирҳәеит ари акурс ажәларқәа рыҩба рзы ишыхәарҭам, Урыстәылагьы аҭактә уснагӡатәқәа шыҟанаҵо.