Арадио

Џьопуа аҭоурых –культуратә баҟақәа ааха рызҭаз рзы: ҳақәгәыӷуеит рыхдырра аҽаԥсахып ҳәа

Абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи реиқәырхара Жәларбжьаратәи амш азгәарҭоит мшаԥы 18 рзы. Ари азҵаара ҳтәылаҿы актуалра ахьынӡамоу атәы далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы адепартамент аспециалист Инал Џьопуа.
Sputnik
Џьопуа аҭоурых –культуратә баҟақәа ааха рызҭаз рзы: ҳақәгәыӷуеит рыхдырра аҽаԥсахып ҳәа

Аҭоурыхтә баҟақәа Иаку аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рсиа Аԥсны ирыдыркылеит 2015 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Уи аамҭазы уи ианылеит 1535 обиект. Ашьҭахь еиҿкааз аинветаризациа апрограммала даҽа 700 обиект алԥшаан. Хадаратәла урҭ архитектуратә баҟақәа ракәын. Дара аҳәынҭқарра иахьчоит азакәан инақәыршәаны, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы адепартамент аспециалист Инал Џьопуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: