Адунеитә ҵәахырҭақәа рҿы анефҭ анҵәара иаҿуп

Жәларбжьаратә аенергетикатә маҵзура адыррала 2021 шықәса жәабранмзатәи аҭагылазаашьала аҵәахырҭақәа рҿы инханы иҟоу абылтәы ахәбатәи ахәҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Адунеитә ҵәахырҭақәа рҿы иҟаз анефҭ акоронавирустә пандемиаамҭазы акыр илеит ҳәа аҳәоит амаҵзура Bloomberg Жәларбжьаратә аенергетикатә маҵзуреи Citigroup рдыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Аекспертцәа рдыррала Китаи заҵәык ауп анефҭ ҵәах азхара змоу.

Жәларбжьаратә аенергетикатә маҵзура адыррала, 2021 шықәса жәабранмзатәи аҭагылазаашьала аҵәахырҭақәа рҿы инханы иҟоу абылтәы ахәбатәи ахәҭоуп. Иахьатәи аамҭа инақәыршәаны уи иҵегьы еиҵахахьеит.

Аекономистцәа ишырҳәо ала, анефҭ адунеитә џьармыкьаҿы абаланс ҿыци иара еиҭашьақәгыло аекономикаҿы иамоу аҭаххареи анефҭ ахәԥса 67 доллар баррельк азы ихаргалахьеит.