Лаҵарамзазы Шьамтәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп

2014 шықәса раахыс Шьамтәыла ахадас дыҟоуп Башар Асад. Аконституциа инақәыршәаны ахада азин имоуп ҩ-ҿҳәарак (быжьба-быжьба шықәса) ахадас дыҟазарц.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Лаҵарамза 26 азы Шьамтәыла аҵакыраҿы ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп. Абри аҩыза аӡбара аднакылеит Жәлар рхеилак (Апарламент) ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Акандидатцәа рықәыргылара иалагоит мшаԥы 19 инаркны жәамш рыҩнуҵҟа.

"Атәыла анҭыҵ иҟоу Шьамтәыла ауааԥсыра абжьыҭара рхы аладырхәыр ҟалоит адипмиссиа аҵакыраҿы лаҵара 20, асааҭ 07:00 -19:00 рзы. Акандидатцәа рҭаҩра иалагоит мшаԥы 19 инаркны, иагьымҩаԥысуеит жәамш рыҩнуҵҟа", - азгәаҭоуп Апарламент аҳәамҭаҿы.

2014 шықәса ԥхынгәы 16 раахыс Шьамтәыла ахадас дыҟоуп  Башар Асад. Аконституциа инақәыршәаны ахада азин имоуп ҩ-ҿҳәарак (быжьба-быжьба шықәса) ахадас дыҟазарц.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 25 рзы.

2020 ԥхынгәымза анҵәамҭазы Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар аль-Асад дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Имҩаԥган аҳәынҭқарратә гәраргагатә шәҟәқәа реимдара. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа официалла аартра ацеремониа мҩаԥысит Дамаск ақалақь аҿы жьҭаара 6 рзы.