Урыстәыла апроект МКС 2025 шықәса инаркны ааныжьра агәҭакуп

Акосмонавтика амш, мшаԥы 12 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин акосмос аусхк аҿиара иазкыз аилацәажәара мҩаԥигеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Урыстәыла  апроект "Жәларбжьаратәи акосмостә станциа" – МКС 2025 инаркны ааныжьра агәҭакуп ҳәа ателеканал "Россия 1" апрограмма "Москва. Кремль. Путин" аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Иури Борисов.

"Роскосмос" иазгәанаҭеит МКС амодульқәа рресурс аамҭа шиасыз. Урыстәыла акәзар, ари апроект 2024 шықәсанӡа иалахәуп.

Аҵарауаа МКС азы: амикроорганизмқәа ашәарҭара рыцуп

"Ари аҿҳәара ашьҭахь астанциа амодульқәа рҭагылазаашьа иаҿырԥшни амилаҭтә орбитатә маҵзуратә станциа ҿыц аргылареи рзы аӡбара ҳадаҳкылоит", - азгәарҭеит аҳәынҭкорпорациа апресс-маҵзураҿы.

Урыстәыла ахатәы милаҭтә станциа аус аднаулараны иҟоуп. РАН ахада Александр Сергеев иажәақәа рыла, аԥаразоужьра иазыԥшуп 2025 шықәса рышьҭахь.

Аԥыррақәа рнапхгаҩы Владимир Соловьев уаанӡагьы иҳәахьан атехникатә проблемақәа ирхырҟьаны астанциа ҿыц аргылара шаҭаххо. Убри аан Урыстәыла МКС иақәнахарџьхьеит 10-15 миллиард мааҭ.

Жьҭаарамзазы Соловьев аорбитатә маҵзуратә станциа ақәырԥшы ӡыригеит. Астанциа аус аднаулоит аракета-космостә корпорациа "Энергия".

Апроект МКС иалахәуп 15 тәыла, урҭ рахь ихадарақәоуп: Урыстәыла, ЕАА, Канада, Иапониа.

Астанциа аргылара иалагеит 1998 шықәса рзы.

РКК "Энергия" адыррақәа рыла, МКС 2016 шықәса анҵәамҭазтәи ахәԥса 121,6 миллиард доллар иҟан. Урыстәыла апроект азы 10 процентк еиҵамкәа иаланагалеит.