Урыстәыла COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟазҵаз рзы аекспресс-тестқәа аԥҵоуп

Аиммуннохроматографиатә анализ аметод шьаҭас измоу атестқәа рзы кәармак ашьоуп иаҭаху.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. "Сколково" арезидент аилахәыра "Рапид БИОи" аилахәыра "Авивири" иҭарҩит Урыстәыла ираԥхьатәиу аекспресс-тестқәа алаҵа ашьҭахь ацәеижьҿагылақәа рыҟазаара ашьақәыргылараз ҳәа аанацҳауеит ацентр апресс-маҵзура.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр еиҭеиҳәеит "Спутник V" аҭыжьра шымҩаԥысуа

96 процент ииашоу аҭҵааратә ҭак 15 минуҭ рыла ихиахоит. "Сколково" ирҳәеит атест ареагентқәа раԥхьа иргыланы иззырхо "Спутник V" ауп ҳәа.

Уаанӡа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова аҳәамҭа ҟалҵеит COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟазҵахьо рхыԥхьаӡара 8 миллионк ишреиҳау. Ахархәара рырҭоит алаҵақәа: "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак".

Урыстәыла апандемиа иалагазар акоронавирус рыдбалоуп 4,7 миллионҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 105 нызқьҩык, ргәы бзиахахьеит 4,4 миллионҩык.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13924-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13338-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 219-ҩык.