Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр еиҭеиҳәеит "Спутник V" аҭыжьра шымҩаԥысуа

Акоронавирус ахҽразы иҟарҵо алаҵа "Спутник V" аԥҵан Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы. Ари алаҵа 2020 шықәса нанҳәамзазы адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз лаҵахеит, уи аԥҵан ауаҩытәыҩса иаденовирустә вектор аплатформаҿы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Акоронавирус ахҽразы урыстәылатәи  алаҵа "Спутник V" Урыстәылеиԥш аҳәаанырцәгьы 20 ҭыԥ рҿы иҭрыжьуеит ҳәа аҩуеит РИА Новости, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла активла атәылақәа жәпакы аус рыцнауеит COVID-19 аҟынтәи алаҵа еиҳа аихьӡара аиурц азы.

"Спутник V" Урыстәылеиԥш аҳәаанырцәгьы 20 ҭыԥ рҿы иҭрыжьуеит ҳәа иҳәеит Мурашко ООН  аекономикатәи асоциалтәи хеилак "Ааҵа зегь рзы" аилатәара ҷыдаҿы.

Мурашко ишиҳәо ала, миллионҩыла урыстәылаа акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит.

Алаҵа "Спутник V" 60 тәыла, иааизакны зуааԥсыра 1,5 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп. Алаҵа ашәарҭадареи хра аманы аҟазаареи 91,6% ишынаӡо атәы шьақәнарӷәӷәоит амедицинатә журнал The Lancet ианыз акьыԥхьымҭаҿы.

Алаҵа "Спутник V" аԥҵоуп иҭҵаау, игәаҭоу ауаҩԥсы иаденовирустә вектор аплатформала. Иара иамоу аԥыжәарақәа иреиуоуп ашәарҭадара, хра аманы аҟазаара, акраамҭатәи ахҟьаԥҟьақәа рыҟамзаара ҳәа азгәарҭоит.