Ҭырқәтәыла "Спутник V" бзиоуп ҳәа ахнаҳәааит рҳәеит - иара урҭ ажәақәа мап рыцәнакит

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 60 тәыла, зуааԥсыра 1,5 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп. "Спутник V" 91,6% хра аманы ишыҟоу атәы кьыԥхьуп амедицинатә журнал The Lancet аҿы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аиуразы азыҳәа ҟазҵаз ҭырқәтәылатәи аилахәыра иара ахархәараз азин аиуит ҳәа мшаԥы 19 рзы иаҩит РИА Новости, агазеҭ Yeni Safak адыррақәа шьаҭас иганы.

Гинцбург Евроеидгыла ахатә џьармыкьахь "Спутник V" анеира изаԥырхагоу атәы иҳәеит

"Ҭырқәтәыла акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аиуразы азыҳәа ҟазҵаз ҭырқәтәылатәи аилахәыра имҩаԥнагеит (алаҵа "Спутник V") атоксикологиатә ҭҵаарақәа. Ахархәаразгьы азин аиуит. Урыстәылатәи алаҵа Ҭырқәтәыла ахәԥса 10 долларк иҟоуп", - ҳәа аҩуан аҭыжьымҭа акоронавирус азы аҭҵаарадырратә хеилак алахәыла Афшин Емре Каиыпмаза иажәақәа ааго.

Аха аамҭа кьаҿк ашьҭахь ари ажәабжь ииашаны ианырымҵеит ҳәа азырҳәеит Ҭырқәтәыла.

"Ҭырқәтәыла акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аиуразы азыҳәа ҟазҵаз ҭырқәтәылатәи аилахәыра имҩаԥнагеит (алаҵа "Спутник V") атоксикологиатә ҭҵаарақәа. Аха ахархәаразгьы азин аиуит ҳәа аҳәара макьана изаауп", - ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу аҭо акоронавирус азы аҭҵаарадырратә хеилак алахәыла Афшин Емре Каиыпмаз.

"Сара ажурналист иасҳәаз Ҭырқәтәыла алаҵа аҭҵаара мҩаԥысуеит, бжьаратә етапқәак рҿы уи хра амоуп ҳәа азгәаҭоуп ҳәоуп. Уаҳа акгьы сымҳәеит. Иҟалап ажурналист сизеилымкаазар. Агазеҭ ахь аҭел сасит. Уажәы ари адырра асаит аҟынтәи иқәыргоит", - ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу аҭо акоронавирус азы аҭҵаарадырратә хеилак алахәыла Афшин Емре Каиыпмаз.

Еврокомиссиа уаанӡатәи ахада урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аанахәарц ааԥхьара ҟаиҵеит

Ҭырқәтәыла COVID-19 аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа бзиоуп ҳәа ахнаҳәааит ҳәа адырра иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа иақәшәом ҳәа рҳәеит агәабзиарахьчара аминистрраҿгьы.

2020 шықәса нанҳәамзазы адунеи аҿы раԥхьаӡа акәны ашәҟәы иҭаргалаз урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 60 тәыла, зуааԥсыра 1,5 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп. Алаҵа ашәарҭадареи хра аманы аҟазаареи 91,6% ишынаӡо атәы шьақәнарӷәӷәоит амедицинатә журнал The Lancet ианыз акьыԥхьымҭаҿы.

Алаҵа "Спутник V" аԥҵоуп иҭҵаау, игәаҭоу ауаҩԥсы иаденовирустә вектор аплатформала. Иара аԥыжәара арҭоит ашәарҭадара, хра аманы аҟазаара, акраамҭатәи ахҟьаԥҟьақәа рыҟамзаара.