АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Урыстәыла рҽеиҿыркаауеит сибратәии аҩада-мраҭашәаратәии коронавирус штаммқәа ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Роспотребнадзор ахада Анна Попова, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Урыстәылагь авирус амиҭакрақәа цәырҵит. Аиԥш зеиԥшу макьаназы аҳәаанырцәтә штаммқәа ыҟам", - ҳәа лҳәеит лара РАН амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рыҟәша азеиԥш еизараҿы.
Уаанӡа Попова адырра ҟалҵахьан Сибиртәи арегион аҿы аҭыԥ шрымоу акоронавирус аԥсахрақәа.
Амилаҭтә штаммқәа атәылақәа жәпакы рҿы ицәырҵхьеит. Аиҳарак аҿкыра рыланы иԥхьаӡоуп "британиатәи", "аладаафрикатәи", "бразилиатәи". Аԥхьатәи аштамм аарԥшын Великобританиа, 2020 шықәса цәыббрамзазы, аҩбатәи — жьҭаарамзазы, ахԥатәи — 2021- шықәса ажьырныҳәамзазы.
Иаԥҵоу алаҵақәа арҭ аштаммқәа рзы ихәарҭоу ихәарҭаму ҳәа иаку гәаанагарак ыҟам аҭҵаарадырратә еилазаараҿы.