ВОЗ COVID-19 апандемиа ахылаԥшра аиура аҿҳәарақәа ртәы аҳәеит

ВОЗ адыррақәа рыла, пандемиа иаалагазар, адунеи аҿы 141 миллион хҭыс азгәарҭахьеит, рыԥсҭазаара иалҵит 3 миллионҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Мызқәак ирхымгакәа акоронавирустә пандемиа ахылаԥшра аиуртә иҟалоит, уи азы иахәҭаны иԥхьаӡоу ауснагӡатәқәа еиԥҟьарада мҩаԥгалазар ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара (ВОЗ) аиҳабы Тедрос Гебреиесус.

Роспотребнадзор аҳәамҭа ҟанаҵеит акоронавирус урыстәылатәи аштаммқәа шцәырҵыз

"Апандемиа мызқәак рыҩнуҵҟала анапаҿы аагара алзыршо аресурсқәа ҳамоуп, аха убри аан еиԥҟьарада иахәҭоу ауснагӡатәқәа ирықәныҟәалатәуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Тедрос Гебреиесус убри аан иазгәеиҭеит акоронавирус 25 - 59 шықәса зхыҵуа ркатегориаҿы аҽшышьҭнахыз. Гебреиесус ари авирус авариант ҿыцқәа ирыдиҳәалоит.

Иахьатәи аамҭазы адунеи аҿы аа-мчыбжьы ирықәуп COVID-19 аҽышьҭнахуеижьҭеи. Ииасыз амчыбжь абри аганахьала ирекордтәын - 5,2 миллион-ҩык ачымазара шьҭыркааит.