Агәы-Бедиа зыҩны бгаз Самсониа лынхарҭа ҿыц азы: ари аҩыза сақәгәыӷуамызт
© Sputnik
"Анхара ҿыц ааҳхәеит Ԥшьаԥ ақыҭа, иманшәаланы аҭыԥ ҳгеит. Схәыҷқәа, смоҭацәа ҳаиасит, анхара ҳаҿуп, аха ахә шәаӡам макьана. Аҳәынҭқар имчала ахә шәахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Иҳалшоз аҩнымаҭәа ааҳгеит, арахәгьы ҳхы зланыҟәаҳгаша ҳамоуп. Агәылацәа бзиақәагьы ҳауит, даара ҳаигәырӷьоит. Аиашазы, ари аҩыза сақәгәыӷуамызт. Егьа ҳгәаҟзаргьы – ҳманшәалахеит", - лҳәеит Самсониаԥҳа.
Тҟәарчал араион Бедиа ду ақыҭаҿы адгьылҳәазара иалагеит ажьырныҳәа 15 рзы. Мышқәак рышьҭахь Тҟәарчалҟа уназго амҩа ҭабгеит. Ҩ-ҭацәарак ахҵәара рықәшәеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Бедиа ду ақыҭаҿы ацҳаи уакәшаны узланеиуа амҩеи ҟарҵараны иҟоуп
Амҩақәа ҭабгеит, аҩнқәа еилаҳаит: Бедиа ду адгьылҳәазара ишаҿыц иаҿуп- авидео