Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Нанба Илиа Ачба игәалашәара иазкны
© Sputnik
Илиа Ачба 233-тәи ахысратә дивизиа иатәыз 57-тәи аполк далахәны Румыниа, Болгариа, Чехословакиа, Иугославиа, Венгриа рхы иақәиҭитәуан. Хынтә ахәрақәа иоухьан.
"Илиа Захар-иԥа арра дшахысуаз ауп аибашьра ишалагаз. Иара аԥхьатәи амшқәа инадыркны ԥхьагыла аибашьра здызкылоз дыруаӡәкын. Ус ԥыҭк мҵакәа иара ахәра ӷәӷәа иоуит, уи анӷьа ашьҭахь, еиҭа еибашьратә мҩа иациҵеит. Аҩбатәи ахәра иоуит Венгриа. Уа агоспиталь аҿы дшышьҭаз ауп аӷа иавиациа ажәҵаны, ишьҭаз ахәцәа анҭадырхоз, аӡәык-ҩыџьак рыда зегьы ршьит. Илиа Захар-иԥа иԥсы ацәынхеит", - еиҭеиҳәеит Нанба.
Аветеран анаҩстәи еибашьратә мҩа атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Илиа Ачба