Путин: Урыстәыла аинтересқәа жәларбжьаратәи азин аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьчалоит

Урыстәыла ахада Афедералтә еизарахь инашьҭымҭаҿы иазгәеиҭоит адунеи аҿы ишрышьцылаз изакәаным асанкциақәа, аӡәы игәаанагара аҽаӡәы ианихаирԥо.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Урыстәыла ахатәы интересқәа амоуп, урҭ жәларбжьаратәи азин аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьчалоит ҳәа иҳәеит атәыла ахада Владимир Путин Афедералтә еизарахь инашьҭымҭаҿы.

"Жәларбжьаратәи аренаҿы Урыстәыла аполитика ҵакни хықәкни иамоу атәылаҿы аҭынчра, аҭышәынтәалара, аҿиара, атәылауаа реизҳазыӷьара заҵәык ауп", - иҳәеит ахада.

Иара иациҵеит Урыстәыла ахатәы интересқәа амоуп, урҭ адунеи атәылақәа рҿы ишыҟарҵо аиԥш жәларбжьаратәи азин аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьчалоит ҳәа.

Владимир Путин иазгәеиҭеит Мраҭашәара Урыстәыла аганахь ала аиҩызаратә ҟазшьа иацәыхароу акциақәа шымҩаԥнаго. Иагьиҳәеит уи аҭакс Москва апозициа ахымԥара шалнаршо.

"Тәылақәак рҿы традициа ҳасабла Урыстәыла мзызк ыҟамкәа ахьӡ еинҟьеиныруа еимырдалоит. Аспорттә ҟазшьа аиуит ари аус – еиҳа зыбжьы духарыда ҳәа еисоушәа", - иҳәеит иара.

Убри аан Урыстәыла ахымҩаԥгашьа аамысҭашәоуп, иабалак ажәақәа аҭак рыҭара ахәҭамкәа ианаԥхьаӡогьы ыҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Путин.

Владимир Путин мшаԥы 21 рзы Афедералтә еизара аҳәамҭа азынеишьҭит.