Урыстәыла ААР ахараԥсақәа рхашшаареи амашьынақәа рыԥшаареи рзы асистема ҿыц аус анаруит

Софт ахы иархәахоит атранспорттә хархәагақәа рӷьычра иадҳәало ацәгьоурақәа "разыԥхьагәаҭареи раарԥшреи" рзы, иара убас авариа ахьыҟалаз аҭыԥ ааныжьны ибналаз автомашьына аԥшаарази.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Урыстәыла ААР АИААԤ (ГИБДД-аред.) административтә зинеилагарақәа разгәаҭара центрқәа апрограмматә еиқәыршәара ҿыц "Паутина" ахь ииаргеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аусбарҭа апресс-центр адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Асистема "Паутина" аусура иалагеит Афедералтә округ хада аҵакыраҿы, ашықәс нҵәаанӡагьы егьырҭ арегионқәа рҿы аусура иаларгахоит.

Аҭыжьымҭа адыррала уаанӡа аполициа асистемаҟынтә амҩатә машәыр иалахәыз автомашьына афотосахьа акәын адәнытә камерақәа рҟынтәи иаиуаз.

Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит "Паутина" аҳәынҭмаҵзурақәа рпортал аҿы ахараԥсақәа релектронтә хашшаара асистема иахәҭакхар шауа.

Амҩатә ныҟәара аиҿкаара ацентр аҿы иазгәарҭеит асистема ҿыц аусура ашәарҭадара шышьҭнахуа, аоперативтә маҵзурақәа реинырра ишацхраауа, ахылаԥшратә дырраҭарақәа автоматизациа шырнаҭо.