Амшын еиқәа афлот иашьклаԥшуаз урыстәылауаҩ дҭаркит

Аҳәынҭқарра аԥсахраз ахәҭаҷ инақәыршәаны иазыԥхьагәаҭоуп 12 шықәса инаркны 20 шықәсанӡа ҭакрала ахыгара.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ Севастополь ақалақь аҿы дааныркылеит Украина атәылахьчара аминистрра аԥшыхәратә усбарҭахь Амшын еиқәа афлот иазку адырра маӡақәа назышьҭуаз Урыстәыла атәылауаҩ ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Севастопольтәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵарала ахаҵа ҩымз ҳәа даанкылан дҭакуп, аусҭҵаара хацыркуп аҳәынҭқарра аԥсахраз ахәҭаҷ ала.

Аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәеи аусҭҵааратә уснагӡатәқәеи мҩаԥысуеит.

Адгьылбжьахаҿы лассы-лассы "ашпионаж" аганахь ала агәызҩара зызроуа ауаа ааныркылалоит.

Убас хәажәкырамзазы Севастопольтәи ақалақьтә ӡбарҭа аҭыԥантәи аԥҳәыс 12 шықәса лықәнаҵеит аҳәынҭқарра аԥсахразы ахәҭаҷ ала. Атәанчаҩԥҳәыс Киевҟа илышьҭуан арратә информациа маӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: