Аслан Бжьаниа шықәсыктәи иусура: иалкаау ахҭысқәа афотоқәа рҿы

Sputnik

2020 шықәса хәажәкырамзазы имҩаԥган Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа дыриааиуеит, конкурентс диман уаанӡатәи аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аслан Бжьаниа официалла инапынҵақәа рынагӡара далагеит мшаԥымза 23 инаркны, имҩаԥгаз аинугурациа ашьҭахь. Аҭоубашьҭаҵара мҩаԥган ауаа рацәа адымгалакәа, усҟан Аԥсны иалагалаз акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа ирхьырԥшны.

Аслан Бжьаниа Аԥсны ахәбатәи ахада иоуп.

1 / 30
Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит аҳәаанырцәтәи асасцәа рыда, мшаԥымза 23 рзы, Аҟәа.
2 / 30
Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Аслан Бжьаниа инапаҿы идыркит аҳәынҭқарратә мчра асимволқәа – агерб зну амҳәырқәа, абираҟ, алабашьа, аҳәа.
3 / 30
Атәыла ахада иалхрақәа хәажәкыра 22 рзы имҩаԥган. Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы (56,5%) иманы алхрақәа рҿы даиааиуеит.
4 / 30
Алхрақәа рышьҭахь Аслан Бжаниа раԥхьатәи ипресс-конференциа.
5 / 30
Афотожурналист Сергеи Лидов Аслан Бжьаниа ҳамҭас ииҭеит ифотосахьа.
6 / 30
Аслан Бжьаниа дахьцалакгьы ицуп имоҭа лҳамҭа - аҵәца.
7 / 30
Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра апарад далахәын Москва.
8 / 30
Аиааира апарад ахь ааԥхьара ииҭеит урыстәылатәи иколлега Владимир Путин. Урыстәылеи, Аԥсни, Таџьыкисҭани, Молдавиеи, Белоруссиеи рхадацәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
9 / 30
Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа раан аҟны.
10 / 30
Ԥхынгәы 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа официалла атәыла ахадас дҟалеижьҭеи раԥхьатәи апресс-конференциа мҩаԥигеит.
11 / 30
Ахада ипресс-конференциахь инаԥхьан Аԥсны АИХқәа зегьы.
12 / 30
Ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ицоз аицәажәараан Бжьаниа 31 зҵаара рҭак ҟаиҵеит: апандемиеи аекономикеи инадыркны ԥхьаҟатәи аамҭақәа рылацәажәараҟынӡа.
13 / 30
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылахьчара аминистрра даҭааит.
14 / 30
Аԥсны арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа АШәМ рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
15 / 30
Аслан Бжьаниа аполигон Ҵабал имҩаԥысуаз Урыстәылеи Аԥсни рыруаа рҽазыҟаҵарақәа дырҭааит.
16 / 30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Алеко Гәарамиа ииубилеи идиныҳәалеит.
17 / 30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич нанҳәа 20 рзы.
18 / 30
Аԥсны жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара.
19 / 30
Бжьаниа даҭааит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь цәыббра 15 рзы. Усҟан атәыла ахада иҳәеит агоспиталь аҿы аус зуа аҳақьымцәа ашәарацҵақәа шрыҭахо.
20 / 30
Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы ацентр аартын Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы мшаԥымзазы.
21 / 30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥснытәи аҳақьымцәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи ранеишьеит.
22 / 30
Абҵара 12 рзы Шәача имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиԥылара. Ахадацәа реиҿцәажәара хсааҭк инарзынаԥшуа ицон.
23 / 30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы адҵа ҟаиҵеит амчыбжь нҵәаанӡа афымцамчхара ахархәара еиҵартәырц, уи азы араионқәа зегьы рҿы аштабқәа еиҿкаазарц амаининг фермақәа ахьыҟоу аарԥшрази раҿыхрази.
24 / 30
АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи Аслан Бжьаниеи.
25 / 30
Ажьырныҳәа 30 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы дцеит афымцамчтә обиектқәа русура агәаҭаразы.
26 / 30
Аслан Бжьаниа, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа, Акапитатә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба еицны игәарҭеит афымцеихшарҭатә маругақәеи аҷаԥшьаратә пультқәеи русушьа.
27 / 30
Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа.
28 / 30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Аԥсны ацхрааразы иааны иҟаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьым хада Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанови.
29 / 30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 15 рзы идикылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Урыстәыла афымцамч аминистрреи рхаҭарнакцәа рделегациа.
30 / 30
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла мшаԥы 20 рзы Москваҟа дцеит. Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп.