Никол Пашиниан ԥхьатәара дцеит

Ермантәыла изаамҭанытәим апарламенттә алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 20 рзы. Алхрақәа ҟалаанӡа Пашиниан аԥыза-министр инапынҵақәа наигӡалоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан иҳәеит изаамҭанытәим апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгаразы ԥхьатәара дышцо, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Армения.

"Ԥхьатәара иахьа сымцаргьы ҟалон, аха Атәылауаҩ имш аҽны ус иаҳа ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Алхрақәа ажәлар рнапы иануп",- иҳәит Пашиниан.

Хара имгакәа снапынҵақәа шьҭасҵоит, Апарламент ахь изаамҭанытәим алхрақәа рымҩаԥгаразы, ҳәа иҳәахьан Пашиниан, хәажәкыра 29 рзы.

Ермантәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны алхрақәа мҩаԥгахоит иахьатәи аиҳабыра рхада ԥхьатәара данцалак ашьҭахь Апарламент аҟны ҩынтә аԥыза-министр дарлымхыр. Абри аан Пашиниан аԥыза-министр инапынҵақәа неигӡалоит.

Уаанӡа иара иҳәахьан алхрақәа рашәара 20 рзы имҩаԥгахоит ҳәа.