ЕААи НАТОи Афганисҭанынтә ар алыргоит

Уаанӡа Аҩны шкәакәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан америкатәи ар ралгара мҩаԥысуиет лаҵара-цәыббар амзақәа рзы ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. ЕААи НАТОи Афганисҭанынтә ар алырго иалагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аконтингент акомандаҟаҵаҩ, аинрал Скотт Миллер иажәақәа шьаҭас иганы.

Иара иҳәеит мраҭашәаратәи аруаа рбазақәа Афганисҭан амчрақәа ирырҭоит ҳәа. Ар алыргалоит лаҵара 1 инаркны цәыббра 11 рҟынӡа. Ари аус  Вашингтони иара аполитикатә партнерцәеи еицымҩаԥыргоит.

2020 шықәсазы Катаре ЕААи афгантәи арадикалтә гәыԥ "Талибани" рнапы аҵарҩит аҭынчраз аиқәшаҳаҭра. Уи иазԥхьагәанаҭоит аҳәаанырцә ар Афганисҭан 14 мзы рыҩныҵҟа алгара, афганбжьаратә диалог амҩаԥгара, атҟәацәа реимдара.

Асовет ар Афганисҭан иаларгалеит 1979 шықәса ԥхынҷкәын 25 рзы, иалыргеит 1989 шықәса жәабран 15 рзы. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Афганисҭан аибашьра иалахәын 650 нызқьҩык асовет ар рконтингент, 200 000-ҩык СССР атәылауаа. Иҭахеит 15051-ҩык.