Арадио

Гогьиаԥҳа Москва имҩаԥгаз аинтеллектуалтә хәмарразы: акыр ҳазыԥшын , аиԥырҵра ҳҭахымызт

Аԥсуа диаспора Москва еиҿнакааз аинтеллектуалтә хәмарра алахәыла Кама Гогьиаԥҳа арадио Sputnik еиҭалҳәеит уи шымҩаԥысыз, иалахәқәаз, аицлабра алҵшәақәа ртәы.
Sputnik
Гогьиаԥҳа Москва имҩаԥгаз аинтеллектуалтә хәмарразы: акыр ҳазыԥшын , аиԥырҵра ҳҭахымызт

Аҿар рыбжьара аинтерес змоу аинтеллектуалтә хәмарразы аицлабра "Иарбан? Иаба? Ианба?" еиҭахацдыркит Москва ҳдиаспора ахаҭарнакцәа. Мшԥымза 24 рзы имҩаԥысит 2021 шықәсазтәи асезон актәи ахәмарра. Аиԥылараҟны 7 командак еиқәшәеит. Сынтәа аицлабра иалахәын Ҟабарда-Балкариатәи агәыԥгьы.

"Аиашазы, апандемиа иахҟьаны иҳамаз аԥкрақәа рышьҭахь ари раԥхьатәи ҳахәмарра ауп. Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, акыр ҳшазыԥшыз ас еиԥш аиԥылара, аибабара, аинтеллектуалтә хәмарра амҩаԥгара. Ус ҳҳәар ҳалшозар, иҟаз аԥсшьара аамҭа ахәмарра ахаҭабзиара бжьнамхит, ҩаӡара ҳаракыла имҩасит, азҵаарақәа аинтерес ду рыҵан… Зеиԥш ыҟам ахәылԥаз мҩаԥысит, иалахәыз зегьы ҳгәалаҟазаара даараӡа ибзиан, аиԥырҵрагьы ҳҭахымызт, ахәмарра ашьҭахь акыр аамҭа ҳаидтәаланы ҳаицәажәон", - лҳәеит Гогьиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.