Арадио

Сурманиӡе еиҭеиҳәеит Краснодар имҩаԥгаз аиԥыларақәа зызкыз

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥснынтәи аделегациа Краснодар имҩаԥыргаз аиԥыларақәеи аиҿцәажәарақәеи ртәы.
Sputnik
Сурманиӡе еиҭеиҳәеит Краснодар имҩаԥгаз аиԥыларақәа зызкыз

"Краснодар ақалақь ахада иааԥхьарала Фелицын ихьӡ-зху Краснодартәи аҳәынҭқарратә аҭоурыхтә-археологиатә музеи-ҳәырԥсарра аҿы аишьаратә қалақьқәа ирызку ацәыргақәҵа аиҿкааразы ирыҭан аекспонатқәа: аԥсуа маҭәа, абираҟ, ҳҭоурых - аԥсацәа ахьынтәиааз, аҳәынҭқарра шаҟа ахыҵуа атәы зҳәо аинформациа рыҭан. Анаҩс, амузеи аҭааҩцәа ҳаԥсуа ҭоурых рбартә ирдырыртә иҟалоит. Иара убас имҩаԥган абизнеси акурорти знапы алаку, аҵареи, аспорти, агәабзиарахьчара аганхьалагьы аиԥыларақәа. Уи анаҩс ҳаԥхьаҟа ҳус ианымԥшыр залыршахом. Аҟәа ақалақь ахадеи Краснодар аекспорт адгыларазы азы ацентр аиҳабыи реиԥылараҿы иалацәажәан ишиашоу аалыҵ ҟазҵо иҟынтә Аԥсныҟа атауар аагаразы ацәажәарақәа, усҟан афатәқәа еиҳа рыхә агырхара алыршахон. Ари азҵаара даара хшыҩзышьҭра аҭан, избанзар, Краснодарнтәи Аԥсныҟа иаауа афатә аалыҵқәа 50% артәоит", - еиҭеиҳәеит Сурманиӡе.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: