Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ рашәара акы нахыс Ҭырқәтәылаҟа атурқәа рымҭиларц лҳәеит

Урыстәыла Ҭырқәтәылаҟа аҳаиртә еимадара ааннакылеит мшаԥы 15 инаркны рашәара 1 аҟынӡа. Атуроператорцәа ирабжьгоуп апутиовкақәа рыҭира аанкылазарц.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова атуроператорцәа Ҭырқәтәылаҟа рашәара акы инаркны атурқәа рымҭиларц лҳәеит аиҳабыра уи азы ақәҵара ҷыда рыдыркылаанӡа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Голикова илҳәеит атәыла анапхгара аҵыхәтәантәи аӡбамҭа иазыԥшырц. Лара лажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла уажәы аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рҳаиртә еимадара ԥкхоит

"Атәылаҩнуҵҟатә ӡбамҭа рыдыркылеит акоменданттә сааҭ азы", - лҳәоит Голикова.

Урыстәыла Ҭырқәтәылаҟа аҳаиртә еимадара ааннакылеит мшаԥы 15 инаркны рашәара 1 аҟынӡа. Иара убасгьы аԥыррақәа аанкылан Танзаниаҟа.

Роспотребнадзор ахада Анна Попова ишылҳәо ала, Ҭырқәтәылантә ауп Урыстәылаҟа ишааго зҽеиҭазкуа COVID-19 аштаммқәа. Арҭ атәылақәа рҿы иҟоу атуристцәа рныҟәара анҵәара арыцхә инақәыршәаны аҩныҟа ихынҳәыр рылшоит.

Аҳәаанырцәынтә иаауа ирыдҵоуп акоронавирус азы ҩынтә атест ҟарҵаларц.