Шәлымба еиҭеиҳәеит Аԥсны лаҵарамзазы имҩаԥгахо аҽырыҩрақәа ртәы
© Sputnik
"Кәтол ақыҭан имҩаԥысуа аусхкқәа рҿы ҩба-хԥа команда ахәмаррақәа мҩаԥыргоит – аҵәеигәыдҵара, ампыл асра, анаҩс, х-ҽырыҩрак мҩаԥгахоит. Ари аныҳәазы Аԥсны ирааӡо аҽқәа роуп иалахәхо, абжьыуаа ркомандақәа рымацара ракәхоит Кәтол еизо. Анаҩс, лаҵарамза 8, 9 рзы Дәрыԥшь имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа. Уа ф-командак алахәхоит, уаҟагьы иҟалоит аҵәеигәыдҵара, ампыл асра, анаҩс, аҽырыҩрақәа. Аԥсны иахьатәи аамҭазы зааӡара иаҿу зшьа цқьоу аҽқәа роуп, урҭ роуп аҽырыҩрахь инеиуагьы. Ицәгьоуп аҽааӡара, аха рус бзиа ирбоит аҟынтә, иаанрыжьӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Шәлымба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аиааира ду амшныҳәа аламҭалаз Кәтол аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи мҩаԥгахоит