Урыстәыла ААР ахҳәаа аиҭеит "Спутник V" азы бразилиатәи аиҿкаара иаӡбаз

Сергеи Лавров мшаԥы 28 рзы МИА "Россия сегодня" адиректор Дмитри Киселиов ииҭаз аинтервиу аҿы иара убас далацәажәеит урыстәылатәи алаҵа Спутник V аганахьала ЕАА иҟанаҵо ақәыӷәӷәара атәы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров РИА Новости аинтервиу аҭо "Спутник V" атәылахь аимпорт амҩаԥгараз азыҳәа мап ацәктәуп ҳәа бразилиатәи аиҿкаара аӡбра ахҳәаа аиҭеит, иазгәеиҭеит ЕАА ишырымҵәахуа абри арегион аҿы ари атемала ақәыӷәӷәара шымҩаԥырго.

Еврокомиссиа уаанӡатәи ахада урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аанахәарц ааԥхьара ҟаиҵеит

"Ари оумашәагьы избом. Америкаа иагьацәыԥхашьом ақәыӷәӷәара шыҟарҵо аҳәара. Америка уаанӡатәи аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпео Африка иҟазаараан иаартны, апресс-конференциаҿ ааԥхьара ҟаиҵон Урыстәылеи Китаии аус рыцшәмулан ҳәа. Урыстәылеи Китаии рхатә хықәкқәа рымоуп, ҳара америкаа заҵәык ҳауп шәара шәзы абзиара зҭаху" ҳәа иҳәон иара", - ҳәа азгәеиҭоит Лавров.

Бразилиа уажәы аҿагыларақәа аанарԥшуеит хаҭала иаҭаху аҟаҵара азин ахьарымҭо азы.

"Америкаа рымаӡа рымҵәахуазар, иаанаго иҟарҵалак рықәҿиоит ҳәа ирыԥхьаӡоит ауп", - ҳәа иҳәоит Лавров.

Алаҵа "Спутник Лайт" аҿкычымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵанатәуеит

Убри аан иазгәеиҭеит Германиа, атәыла аканцлер Ангела Меркель дназлоу урыстәылатәи алаҵа мап шацәырымкуа.

"Ҳара аӡәгьы ҳлаҵа ҟашәымҵар ҟалом ҳәа ҳҳәом. Аԥсҭазаара зегь рҭыԥ иқәнаҵоит. Владимир Высоцки иҳәалон: еснагь ауаа абзиа рыҵызбаалар сҭахуп. Рыцәгьа дара рхала исдырбоит ҳәа", - азгәеиҭеит аминистр.

Сергеи Лавров РИА Новости иеиҭаз аинтервиу ду урысшәала шәаԥхьар ҟалоит абра>>