"Иаԥҵоуп ҷыдалатәи акомиссиа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан игаз Аиааира амш ныҳәа азгәаҭаразы. Ақалақь аҿы иҳамоу ашколқәа хәба рҵаҩцәа алархәны ҳгәы иҭоуп аусмҩаԥгатә аиҿкаара. Абыжьбатәи Урыстәылатәи абазеи ҳареи ҳаилахәны араион аҿы иҟоу ҩыџьа аветеранцәа ҳарҭаарц азгәаҭоуп. Дара рыбзоурала арратә оркестргьы ақалақь иалсуеит аибашьратә шәақәа арҳәо, анаҩс Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥгахоит аҽырыҩра. Абаҟа аԥхьа ишьҭаҵахоит ашәҭшьыҵәрақәа. Дара абаҟақәа рхаҭақәа ракәзар, рыбжеиҳан аиҭашьақәыргылара рҭахуп. Урҭ шамахамзар, қыҭацыԥхьаӡа игылоуп, аха зынӡа игәыгәҭыжьны иҟоуп ҳәагьы узҳәом", - еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсни Урыстәылеи рыруаа 30 баҟа дрыцқьеит
Аиааира Ду аламҭалаз акциа "Агәалашәара абаҳча" мҩаԥысит Аҟәа