Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариаԥҳа Аԥсны атлетика ласы азы

Аҟәа имҩаԥысит атлетика ласы азы ареспубликатә турнир. Уи алкаақәа арадио Sputnik аефир аҿы иҟалҵеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аспорттә ҟәша аиҳабы Жанна Занҭариаԥҳа.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариаԥҳа Аԥсны атлетика ласы азы

Жанна Занҭариаԥҳа лхаҭа атлетика ласы азы Қырҭтәыла еизгоу акоманда далахәын. Рекодсменсгьы дыҟан, Киев 800 метрак 2 минуҭки 21 секундки рыла дахысит. Арадио ефир аҿы илгәалалыршәеит уи ахҭысгьы шыҟалаз.

"Уажәы атлетика лассы аӡбахә анырҳәо хәыҷык сгәы сыхьуеит, избанзар, ари аспорт хкы азы Асовет мчраан даара иӷәӷәан, ҳахьыӡ ҭызгаша аспортсменцәа ыҟан. Усҟан атлетика ласы иалази зҽазыҟаҳҵози рацәан, ҳкомандагьы ӷәӷәан. Усҟан ари аспорт хкы аганахьала иҳаԥызгоз дыҟамызт", - еиҭалҳәеит Занҭариаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.