Арадио

Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Ачгара Ду шымҩаԥылгои, дзықәныҟәо атрадициақәеи ртәы

Sputnik Аԥсны асаит аԥсуа аверсиа аредактор-аҭыжьҩы Рада Ажьиԥҳа арадио ефир аҿы еиҭалҳәеит Ачгара Ду шымҩаԥылгои, насгьы дзықәныҟәо атрадициақәеи ртәы.
Sputnik
Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Ачгара Ду шымҩаԥылгои, дзықәныҟәо атрадициақәеи ртәы

"Аԥхын ҩымчыбжь ҩымчыбжь имҩаԥысуа ачгара аамҭазгьы сычгоит. Ашықәс ҿыцаз иақәшәо ачгара сацәхьаҵуеит, уи сазыҟаҵаӡам. Амшаԥныҳәазы иҟоу Ачгара Ду зегь реиҳа ихадоуп, уи сацныҟәоит", - ҳәа азгәалҭеит Ажьиаԥҳа аиҿцәажәараҿы.

Лара убасгьы илҳәеит ачгара иадҳәалоу гәаанагарақәак шиашам.

"Ачгара аныҟәгара ҳусураҿы маҷк иуадаҩуп, иҟан аамҭақәак, ианеилазгаз, уи сгәамҵра иахҟьеит. Егьырахь, амцҳәара усгьы избар ҟалаӡом, уи аганахьала хьаҳәа-ԥаҳәа сымаӡам. Афатә атәы акәзар, сара бзиа избоит аҵиаа лых, акәац, акәтаӷь амфара сара сзы уадаҩрак аҵаӡам. Аханатә сычго саналагала, бхы збыргәаҟуеи ҳәа сарҳәалон. Ари хгәаҟраӡам. Насгьы ишәыгшәырхарц шәҭахума ҳәа анырҳәалак, иазгәаҭатәуп, уи иреиҳаӡоу шыгхоу, шгәаанагароу, ишыгәнаҳароу", - лҳәеит Ажьиԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.