Шьамтәыла ахада иалхрақәа рҿы Асади даҽа ҩыџьа акандидатцәеи ықәгылоуп

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы ахада иалхрақәа лаҵара 26 2021 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоуп, урҭ рҿы Башар Асад аԥыжәара иоуеит ҳәа агәаанагара.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Шьамтәыла ахадас аҟаларазы иқәгылоуп хҩык акандидатцәа, урҭ рхы ықәдыргыларазы адепутатцәа рыбжьқәа азхара роуит. Кандидатс дықәгылоуп уажәтәи Шьамтәыла ахада Башар Асадгьы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Шьамтәылатәи Арабтә Республика Иреиҳаӡоу аконституциатә ӡбарҭа адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аконституциатә ӡбарҭа актәи аилатәараҟны иаднакылеит хҩык акандидатцәа: Абдаллах Саллиум Абдаллах, Башар Хафез Асад, Махмуд Ахмад Мерии", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Иреиҳаӡоу аконституциатә ӡбарҭа аиҳабы Мохаммад Лиахам апресс-конференциаҿы.

Шьамтәыла аконституциа инақәыршәаны, алхратә кампаниа анрыларҳәаз ашьҭахь (мшаԥы 19 инаркны) апарламент 10-мш ирылагӡаны акандидатцәа рарзаҳалқәа аднакылоит. Алхрақәа ирылахәхар рылшоит 35-ҩык иреиҵамкәа адепутатцәа рыбжьы зырҭаз акандидатцәа.

Лаҵарамзазы Шьамтәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп

Шьамтәыла Жәлар рхеилак 250-ҩык адепутатцәа рыла излашьақәгылоу ала, ахада иалхрақәа ирылахәхар рылшоит быжьҩык иреиҳамкәа акандидатцәа. Убри аан маӡаныҟәгаҩ хадас Асад дызмоу Арабтәи асоциалисттә еиҭаира апартиа "Баас" аҟынтәи иқәгылоу акандидат еиҳа аԥыжәара иоуеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп, избанзар уи апартиа апарламент аҿы 167 ҭыԥ амоуп.

Егьырҭ абжьқәа Жәлар рхеилак аҟны ирымоуп ихьыԥшым акандидатцәа (70), акоалициа "Амилаҭтә прогрессивтә фронт" иалоу апартиақәа (13).

Шьамтәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит лаҵара 26 рзы.

2018 шықәса лаҵарамзазы Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, аҩтәылак ирыбжьалеит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа.