Арадио

Шьынқәба Сергеи Дбар изы: дуаҩ татан, аха ианаҭахыз, дааузымдыруа дыџьбаран

Сергеи Дбар ицеибашьуаз Аԥсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит дара реибадырра шыҟалази, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан илиршази, насгьы иҟазшьа зеиԥшрази ртәы.
Sputnik

Сергей Дбар - ар рԥыза, Аԥсны Афырхаҵа, Ахьӡ-аԥша I аҩаӡара занашьоу иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы лаҵара 2 рзы 75 шықәса ихыҵуан. Иара идунеи иԥсахит 2002 шықәса рзы, 56 шықәса дшырҭагылаз.

Шьынқәба Сергеи Дбар изы: дуаҩ татан, аха ианаҭахыз, дааузымдыруа дыџьбаран

"Иара иаԥсуара акалашәақәа иҟан, - џьара ҳаннеиуаз, ацәгьа-бзиа, иара аибашьра ашьҭахьгьы, душьыр саԥхьа дыҩналаӡомызт, уара уеиҳабуп ҳәа аԥхьа сиргылон. Аибашьраан Марттәи ажәылара ашьҭахь сара иштаб хадара азура салагеит. Аибашьра аанҵәаанӡа иаргьы саргьы уахгьы-ҽынгьы ҳаицын. Иара џьарак дтәаӡомызт, еснагь архәҭақәа, абаталионқәа дрылан, ирыгыз-ирыбзаз зегьы идыруан, аха имч ыҟамызт, алшара ҳҳәынҭқаррагьы иамамызт. Иара ибзоуроуп архәҭақәа аԥҵара, арратә еилазаара ашьқәыргылара. Сергеи Дбар дуаҩ татан, аха уамакала иҽыиԥсахуан аџьбарра анаҭахыз, абри иара иоума уҳәо аҟынӡа иҽыиԥсахуан", - еиҭеиҳәеит Шьынқәба.

Лаҵарамза 4 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Аԥсны Афырхаҵа игәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: