Аԥсҭазаара, аԥсабара, ажәабжьқәа: афотоеицлабра аусумҭақәа

Sputnik

Афотоеицлабра аихшьаалақәа рыла афотоцәыргақәҵа аартра мҩаԥысит лаҵара 5 рзы  Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы. Арахь иааган 76 фотосахьа, аноминациақәа: "Ажәабжьқәа", "Есҽнытәи аԥсҭазаара", "Иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара", "Ҳаамҭазтәи ауаҩы ипортреҭ" рыла.

Аноминациа "Ҳаамҭазтәи ауаҩы ипортреҭ" аҟны аиааира лгеит ажурналист, афотоҭыхыҩ Елиа Ҵышәԥҳа, аноминациа "Ажәабжьқәа" аҿы – афотоҭыхыҩ Ельза Чанԥҳа, аноминациа "Иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара" аҟны ателеканал АбазаТВ аоператор Едуард Ежов, аноминациа "Есҽнытәи аԥсҭазаара" аҟны – авидеооператор Давид Чакобелиа, аноминациа "Амобилтә фотосахьа" аҟны– Анатоли Качалов.

Ажиури иалахәуп: асахьаҭыхыҩ Витали Џьениа, афоторепортиор Павел Волков, афотоҭыхыҩцәа Сергеи Лидов, Наталиа Лидова, арежиссер Инар Нарманиа, афотожурналист Амина Џьонуаԥҳа, франциатәи афотоҭыхыҩ Тьерри Кергроак, Асида Аҳәԥҳа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 11
Ателеканал "Абаза-ТВ" авидеооператор Едуард Ежов иусумҭа "Иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара". Иаарԥшуп аӡынтәи амшын аҟәара.
2 / 11
Аноминациа "Есҽнытәи аԥсҭазаара" аҟны аԥхьахә игеит авидеооператор Давид Чакобелиа. Иусумҭа "Аҩызцәа" аҟны иаарԥшуп аҷкәынцәа хәыҷқәа рыхәмарра.
3 / 11
Авидеооператор Давид Чакобелиа даҽа иусумҭак, иҭацәу ауадаҟны аҭыԥҳа дкәашоит.
4 / 11
РУСДРАМ аспектакль "Солиарис" аҟны иҭыхыз афотоқәа рзы аноминациа "Ажәабжьқәа" аҿы аиаира лгеит афотоҭыхыҩ Ельза Чанԥҳа.
5 / 11
Аноминациа "Ҳаамҭазтәи ауаҩы ипортреҭ" аҟны аиааира лгеит ажурналист, афотоҭыхыҩ Елиа Ҵышәԥҳа
6 / 11
Ателеканал "Абаза-ТВ" авидеооператор Едуард Ежов даҽа иусумҭак. Ажиури рахь Едуард 15 фотосахьа наишьҭит.
7 / 11
"Абхазия в фокусе – 2021" раԥхьатәи аконкурс иаиааиз Оксана Григолиаԥҳа лусумҭа "Портрет Любови Николаевны".
8 / 11
Аноминациа "Амобилтә фотосахьа" аҟны аиааира игеит Анатоли Качалов.
9 / 11
Амра аҭашәамҭаз аҭыхра лылшеит аконкурс алахәыла Инна Кузьмичева.
10 / 11
РУСДРАМ аспектакль "Солиарис" аҟны иҭыхыз афотоқәа рзы аноминациа "Ажәабжьқәа" аҿы аиаира лгеит афотоҭыхыҩ Ельза Чанԥҳа.
11 / 11
Ринат Агрба иҭыхымҭаҿы даарԥшуп зхала иныҟәо ахаҵа.