Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа аҵаратә процесс ахыркәшареи аԥышәарақәеи ирызкны

Ашколқәа рҿы ачымазара ҿказы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, аҵарашықәс анхыркәшахо уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа аҵаратә процесс ахыркәшареи аԥышәарақәеи ирызкны

"Ачымазара макьана мҽхакы ҭбаала ашколқәа рҿы иҟоуп ҳәа ҳазҳәаӡом. Уи иналк-аалакны ауп ишаарԥшу, аиҳарак аҳҭнықалақь аҟны, Гагра араион, Очамчырагьы уахь иналаҵаны, егьырҭ рҿгьы иҟоуп, аха имаҷуп. Иахьазы аԥкрақәа ралагара ҳгәы иҭаӡам. Аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит аминистрраҿы аҭагылазаашьа бааԥсхар иҟаҵатәхо ҳәа. Рашәарамза 25-нӡа аҵаратә процесс аамҭа иазыԥҵәаны ишыҟоу имҩаԥыслоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәҭелиа.

Аминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы иҳәеит избан ашколқәа зегьы рҿы аҵаратә процесс еиԥшны изымҩаԥымсуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.