Арадио

Габуниа Дәрыԥшь имҩаԥысран иҟоу аҽырыҩрақәа рзы: ақыҭақәа зегьы рзы ныҳәа дууп

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира 76 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа. Урҭ шеиҿкаахо, насгьы иалахәхо акомандақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҽырыҩраҿы аӡбаҩ хада имаӡаныҟәгаҩ Џьума Габуниа.
Sputnik
Габуниа Дәрыԥшь имҩаԥысран иҟоу аҽырыҩрақәа рзы: ақыҭақәа зегьы рзы ныҳәа дууп

"Маи 8-9 Гәдоуҭа араион ф-қыҭак злахәу аныҳәа дуӡӡа амҩаԥгара ҳазыхиоуп, ашҭа маншәлоуп, аҽқәа уахь инаргаран иҟаз зегьы иахьа инагоуп. Аҽқәа рҭыԥ дара ақыҭақәа рхала, рџьабаала иҟарҵеит. Араион аҟынтә ф-командак 50-50 нызқь мааҭ рыҭоуп, ацхыраара ҳасабала. Иҟоуп раԥхьаӡа акәны ас еиԥш аҽырхәмаррақәа ирылахәу. Иҟоуп раԥхьаӡа акәны иҽыжәлазгьы, ус ҳара ҳҿы дыҟоуп 9 класск рҿы итәоу аҽыуаҩ қәыԥш. Ари аныҳәа ҳажәлар еиднакылоит, аԥсуа жәынгьы-ҿангьы ирымаз аспорт аихьӡарақәа аазырԥшуаз, аԥсҭазаара дуӡӡа ԥхьаҟа изгоз ажәларқәа ҳреиуоуп ҳара. Иҟан аамҭақәа 10 командак рҟынӡа ианыҟаз. Аԥсуа ҽыбӷаҟазаратә хәмаррақәа раԥхьа имҩаԥган Абгархықә, нас Аҷандара, Аацы, абарҭ ақыҭақәа зегьы рзы ари амш азы аныҳәа дуӡӡа ҟарҵон, иара усгьы иҟоуп иахьагьы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габуниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: