Урыстәыла алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы иҭаргалеит

Ихәҭазаҵәу алаҵа 79,4 процент хра амоуп аиммунитет аиура ашьҭахь 28 мш рнаҩс.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 6 – Sputnik. Урыстәыла алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы иҭаргалеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи аинвестициақәа рфонд.

Алаҵа аус адызулоз ишырҳәо ала, лаҵак азхоит аиммунтә ҭак ӷәӷәа аиуразы.

Алаҵа "Спутник Лайт" аҿкычымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵанатәуеит

"80% процент иахысуеит хра амазаара", - ҳәа рҳәоит афонд аҿы.

РФПИ иазгәанаҭеит алаҵа хра амоуп ҳәа шышьақәыргылоу 2020 шықәса ԥхынҷкәын 5 инаркны 2021 шықәса мшаԥы 15 рҟынӡа "Спутник" адозак зауз урыстәылаа рырбагақәа рыла.

Алаҵа "Спутник Лайт" — алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭоуп — ауаҩытәыҩса ирекомбинанттә аденовирустә вектор 26-тәи асеротип (rAd26) ауп.

Алаҵа ашәарҭадареи аиммунҟаҵареи рыҭҵаарақәа актәии аҩбатәии афазақәа ирылагеит 2021 шықәса ажьырныҳәамзазы. Абжьаратә еихшьаалақәа ҟарҵеит хәажәкыра 10 рзы.

Аҭҵаарақәа иаадырԥшит антиген-спецификатә IgG ацәеижьҿагылақәа 96,9% ишроуз алаҵа аныҟарҵа ашьҭахь 28-тәи амш азы.

Быжьнызқьҩык ауааԥсыра злахәу аклиникатә ҭҵаарақәа ахԥатәи рфаза мҩаԥысуеит Урыстәыла, ОАЕ, Гана уҳәа атәылақәа рҿы. Абжьаратә лкаақәа лаҵарамзазы ирзыԥшуп.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова лажәақәа рыла, "лайт"-аверсиа (имариоу, иласу - аред.) "Спутник V" альтернативас иазыҟалоит. Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иазгәеиҭеит алаҵа аҭаҩра аколлективтә иммунитет арццакуеит ҳәа.

Иара иҳәеит "Спутник Лайт" ачымазара зхызгаз, убри аан ацәеижьҿагылақәа зыцәмаҷхаз ауаа ирзыҟарҵалар шауа.