Ердоган урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Ҭырқәтәыла аҭыжьра атәы далацәажәеит

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 64 тәыла, иааизакны зуааԥсыра 3,2 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путини иареи акоронавирус аҟынтәи алаҵа "Спутник V" Ҭырқәтәылаҟа анашьҭреи Ҭырқәтәыла аицҭыжьреи ишрылацәажәаз азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла ахада Владимир Путини сареи акоронавирус аҟынтәи алаҵа "Спутник V" азы аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагеит. Алаҵа анҳаулак ашьҭахь иара аицҭыжьра ҳалагоит Ҭырқәтәыла аҩнуҵҟа", - ҳәа реиҳәеит Ердоган ажурналистцәа.

Уаанӡа Кремль апресс-маҵзура адырра ҟанаҵахьан Путини Ердогани ҭелла алаҵа аҭыжьра ишалацәажәаз ҭырқәтәылатәи анаплакқәа рҿы.

Ҭырқәтәыла "Спутник V" Урыстәыла иамнахәҳаит

Алаҵа "Спутник V" 64 тәыла, иааизакны зуааԥсыра 3,2 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп. Алаҵа ашәарҭадареи хра аманы аҟазаареи 97,6% ишынаӡо атәы шьақәнарӷәӷәоит амедицинатә журнал The Lancet ианыз акьыԥхьымҭаҿы.

Алаҵа "Спутник V" аԥҵоуп иҭҵаау, игәаҭоу ауаҩԥсы иаденовирустә вектор аплатформала. Иара иамоу аԥыжәарақәа иреиуоуп ашәарҭадара, хра аманы аҟазаара, акраамҭатәи ахҟьаԥҟьақәа рыҟамзаара ҳәа азгәарҭоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: