Арадио

Матуаԥҳа аибашьраҟны ибжьаӡыз лашьа изы: машьынак аангылацыԥхьаӡа дааиуашәа сгәы иабоит

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Аиааира 76-шықәса ахыҵит иахьа. 92 шықәса зхыҵуа Мгәыӡырхәа инхо Евгениа Матуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лашьа заҵә Иасон Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду дшалаӡаз, акыр шықәса ихабар дшазыԥшу.
Sputnik
Матуаԥҳа аибашьраҟны ибжьаӡыз лашьа изы: машьынак аангылацыԥхьаӡа дааиуашәа сгәы иабоит

"Исгәалашәоит аибашьра ианыргоз амш. Саб иашьеи иареи ыҟан ҳгәараҭаҟны, ҽыла ихәмарны игәырӷьаҵәа ицеит. "Бгыл, бгыл, ара агәараҟны иҟарҵо ббап", - рҳәан сдырҿыхеит сара. Аибашьра ҟалеит ҳәа рыздырӡомызт, аԥсшьара 40 мшы идәықәырҵоит аусҳәарҭа аҟынтәи ҳәа ауп ауаа ишрылырҳәахьаз. Баҭымҟа иргеит. Мчыбжьык аҟара ааҵуан еиԥш аибашьра ҟалеит ҳәа аарылыҩит. Сашьа Иасон Дес – иԥа Матуа 22 шықәса ихыҵуан, ишаҳдыруа ала аофицар ҵарахьы дрышьҭит, аха иахьыкәу сыздыруам… Аибашьра ашьҭахь акыр шықәса ҵхьан ицыз Очамчыратәи ахаҵа исеиҳәеит Смоленск ишеицыз", - лҳәеит Матуаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.