Арадио

Ҳагԥҳа аибашьраҟны ибжьаӡыз лаб иашьа изы: мышкызны иӡбахә ҳаҳауеит ҳәа ацәанырра сымоуп

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡыз аҷандаратәи арԥыс Нурбеи Ҳагба иҭоурых арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иашьа иԥҳа Аԥсуа радио амҩаԥгаҩ-аредактор Мадина Ҳагԥҳа.
Sputnik
Ҳагԥҳа аибашьраҟны ибжьаӡыз лаб иашьа изы: мышкызны иӡбахә ҳаҳауеит ҳәа ацәанырра сымоуп

Аџьынџьтәылатэ еибашьра Ду аналага, 16 шықәса зхыҵуаз Нурбеи аԥсадгьыл ду ахьчараз ддәықәлеит, аха иқәра злаҵанамкуаз ала дрымгеит. Анемец фашистцәа Аԥснытэи ашьхақәа рҟынӡа ианааи, Нурбеи иҩыза Такәа Ахбеи иареи шьхала Асовет ар мҩаԥыргон. 1943 шықәсазы Нурбеи 18 шықәса анихыҵ еибашьра дцеит.

"Сара сшихаанымгьы гәыхьла ауп ишсыдыскыло иара иҭоурых, схы авба асҭоит иара изкны ажәак ахьысымҳәац. Ҳаҩнаҭанҟы ҳхәыҷаахыс иҳаҳауан ихьӡ, исгәалашәоит саб иԥсы ахьынӡаҭаз маи 9 аҽны иҭахаз рашьа ихьӡала аԥаҭхь ржәуан. Саб дшәарыцаҩын, иишьхьаз абшьтәа атәыҩақәа ирылхны аԥаҭхьқәа ҩба ҳаман. Исахьа анҵаны аҩыра анын "Хашҭра зқәым ҳашьа Нурбеи Ҳагба ухьӡала. Уашьцәа Аслан, Сафарбеи, Енварбеи" ҳәа. Саб иҭаацәа 1937-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа рхьысит, рани раби ҭаркит. Рыҩны идәылцаны ашә шаркыз ауп аибашьра ишалагаз",- лҳәеит Ҳагԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.