Аекономистцәа лассы адунеитә кризис ҟалоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит

Иахьатәи аамҭазы аҭыԥ змоу аглобалтә економика амонетатә стимулҟаҵара аџьармыкьақәа аршуеит, убри иахҟбаны 2025 шықәсазы аекономикатә кризис ҿыц ҟалоит. Уи "зырхьшәашәар" зылшо ҩаԥхьа еикәшарала акризис алаҟәроуп рҳәоит аекспертцәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Аекономикатә кризис ацәқәырԥа ҿыц ҟалоит адунеи аҿы 2025–2026 шықәсқәа рзы ҳәа аҩуеит "Известия" Амакроекономикатә анализи аҿҳәаракьаҿтә зԥхьагәаҭареи рцентр ажәахә адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аспециалистцәа ишьақәдыргылеит адунеитә економика асценари хадақәа ҩба. Актәи авариант ишаҳәо ала, апандемиа ҳазҭоу ашықәс азбжазы ихыркәшахоит, ВВП аизҳара атемпқәа идыртәоит 4% шықәсык ала, анефҭ азы ахәқәа шьҭыҵуеит 82–85 доллар баррельк азы ажәашықәса анҵәамҭазы. Аҩбатәи асценари - "аструктуратә кризис" - ишаҳәо ала, апандемиа 2022 шықәса азбжанӡа иҟазаауеит, ВВП аизҳара атемпқәа идыртәоит 2–3% шықәсык ахь, анефҭ ахә каҳауеит 50–55 доллар баррельк азы ажәашықәса актәи азбжазы, анаҩс 2030 шықәсанӡа уи иазҳауеит 65 доллар рҟынӡа.

Адунеитә ҵәахырҭақәа рҿы анефҭ анҵәара иаҿуп

Арҭ рыҩвариантк иааиуа жәашықәса рзы еикәшаны ицо алаҟәроуп иаанаго 2020-тәи ашықәсқәа реиҩшамҭаз.

"2025 шықәсазы адунеитә ВВП аизҳара лаҟәуеит 1-2%", — рҳәоит аекспертцәа.

ЦМАКП аекономистцәа Урыстәылазы 2030 шықәсанӡа х-сценарик шьақәдыргылеит.

"Аиндустриализациа ҿыц" захьӡу асценари нагӡахар алшоит адунеитә сценари хада аус аур. Уи инақәыршәаны Урыстәыла аинвестициақәа активла астимулициа азура, аџьа алҵшәақәа реизҳара, аалыҵ атехникатә рҿыцра алшоит, уи иабзоураны ауалафахәқәеи ахархәарақәеи реизҳара алнаршоит. Аспециалистцәа ргәаанагарала, ароль хада аиоуеит хаҭалатәи абизнес.

Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы аинвестициақәа радԥхьалара азҵаара иалацәажәеит

Аҩбатәи асценари ала, Урыстәыла аекономикатә еизҳараҿы "асоциалтә еиҭакра" ҟалоит абиуџьеттә усхкаҟны ауалафахәқәа, иара убас аџьазы иреиҵаӡоу ауалафахәы (МРОТ), иара убас атәанчахәқәа рышьҭыҵрала. Ас еиԥш аныҟала, ауааԥсыра рзы ихырҳагахоит, ахархәаҩцәа рҭахрақәа еизҳауеит, аха акомпаниақәа рхашәалахәқәа ирықәыӷәӷәалоит.

Ахԥатәи асценари - "аҭышәынтәалара" ҟалоит адунеитә економика аструктуратә кризис аан, уи иахҟьаны аизҳара ҟалом, аимпортцымхәра еиҳа ирацәахоит.

Иагьа ус иҟазаргьы, адоклад авторцәа иазгәарҭоит арҭ асценариқәа рахьтә иарбанзаалак ҿиар ҟалоит реалла иҟало аусурамамзаара иаҿырԥшны, ицәырҵыр ҟалоит аконфликтқәа, иара убас абиԥарақәа рыԥсахра ашьҭахь асоциалтә ҭышәынтәалара ацәыӡыр.