Казантәи ахҭысқәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара шьақәыргылоуп

Аҵаратә усҳәарҭаҿы ахысра ҟаиҵеит 19 шықәса зхыҵуаз аколлеџь астудент. Ишьақәыргылоуп иара цәыббрамза аахыс аҵаратә процесс шыбжьаижьуаз, мшаԥымзаахыс зынӡа уахь анеира дшаҟәыҵыз.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Ҭаҭарсҭан ахада Русҭам Минниханов аҳәамҭа ҟаиҵеит иҭахаз рхыԥхьаӡара жәҩык ыҟоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аабатәи акласс аҵаҩцәа, ԥшьҩык аҷкәынцәеи хҩык аӡӷабцәеи ҳацәҭахеит. Иҳацәҭахеит арҵаҩы, ашкол аусзуҩ", – ахада иажәақәа еиҭанаҳәоит апресс-маҵзура.

Минниханов иажәақәа рыла, 18-ҩык аҵаҩцәа ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭахь инагоуп. Иҟоуп ахәрақәа змоу, аԥҵәарақәа змоу. Аҳақьымцәа урҭ рыԥсҭазааразы ақәԥара иаҿуп.

Ахәышәтәырҭахь инагоуп иара убасгьы ахәрақәа змоу ҩыџьа адуцәа.

Казантәи ахҭысқәа шыҟалаз еиҳа инарҭбааны еилкаахеит

Ҭаҭарсҭан ахада ипресс-маҵзура анапхгаҩы уаанӡа аҳәамҭа ҟалҵахьан ааха зауз 200 - 400 нызқьмааҭ рыҭахоит, иҭахаз рҭаацәа миллионк-миллионк рызшәахоит ҳәа.

Лаҵара 11 рзы 19 шықәса зхыҵуаз астудент Казантәи ашкол № 175 ахысра далагеит. Иара даанкылоуп. Абџьар ихьӡала иҭаҩын. Уажәы абри аганахь ала ашьаус хацыркуп. Уаҵәы ареспубликаҿы алахьеиқәҵара иамшны ирылаҳәоуп.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Росгвардиа анапхгара адҵа риҭеит абџьар аикәыршаразы аԥҟара дырӷәӷәарц.