Арадио

Чукбар еиҭеиҳәеит аԥхынтәи аԥсшьараамҭазы аусуҩцәа рзы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы

Гагра араион Лӡаа ақыҭан иҟоу асасааирҭа "Аԥсара" аиҳабы Лев Чукбар арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аусуҩцәа рыла иахьынӡеиқәшәо атәы.
Sputnik
Чукбар еиҭеиҳәеит аԥхынтәи аԥсшьараамҭазы аусуҩцәа рзы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы

"Аусуҩцәа ҳамаӡам. Ахәыҟаҵаҩцәа ӡынӡа иуоуӡом. Ахәыҟаҵаҩи уи ицхырааҩи шаҳҭаху азы алаҳәара ҟаҳҵеит, аха макьана иақәҿызҭыз дыҟам. Ахәыҟаҵаҩ мызкы 75 нызқьмааҭ аԥара изшәахоит, уи ицхырааҩ 45 мааҭ рҟынӡа. Ауадақәа еилзырго рзы хар ҳамам. Дара рыфатә-рыжәтә рыгым, 30 нызықь мааҭ роуеит, еиҭа апремиа ҳасабала ирызшәахоит. Ҳасасцәа дара рхала рыфатә ргалартә еиԥш еиҿаҳкаарц ҳҭахуп, аха ауаа ҳамам", - азгәеиҭеит Чукбар.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.