Мзымҭа аӡиас аҟны атуристка дҭахеит

38 шықәса зхыҵуа ахаҵа ахара идырҵоит ауаҩы иҭахара зыхҟьаз аԥсҭазаара ашәарҭадара ма ахархәаҩ игәабзиара рҭахрақәа ирықәымшәо амаҵзурақәа наигӡон ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Ашьаус хацыркуп Шәача, Адлертәи араион, Есто-Садок аҿы аӡиас Мзымҭа аҟны атуристка лҭахара аганахьала. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла ашьаустә еилакы аусҭҵааратә усбарҭа асаит аҿы.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, 2021 шықәса лаҵара 7 рзы хҩык атуристцәеи ахатәнаплакҩи аилаӡара рыбжьарҵеит аӡы ахыларазы. Ахара здырҵо анаплакҩы арафтинг далахәын инструкторк иаҳасабала.

Аӡы ахылараан ашхәа-рафт ахаҳәқәа ирынҟьаны иааҳәит. 24 шықәса зхыҵуаз атуристка аӡы дышьҭнахит. Дзалымҵыкәа дҭахеит. Егьырҭ ҩыџьа аахақәа роуит.

Аусҭҵааҩцәеи аусҭҵааҩ-криминалистцәеи имҩаԥыргоит аҭагылазаашьа шыҟаз ашьақәыргылараз аилкаарақәа. Иразҵаауеит ашаҳаҭцәа.