Аҭҵаара-зҵаара иаанырԥшит шаҟаҩы урыстәылауаа COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара иазхиоу

Аҭҵаара-зҵаарақәа мҩаԥысуан лаҵара 13-14 рзы,  COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟазымҵац 18 шықәса ирҭысхьоу 1,6 нызқьҩык рыбжьара.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik. Дарбанзаалак ахәбатәи урыстәылауаҩ COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара дақәшаҳаҭуп, аҳәаанырцәҟа ацаразы иаҭахханы иҟалар, иаҩуеит РИА НовостиSuperJob имҩаԥнагаз аҭҵаара-зҵаарақәа рҭакқәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аҭҵаара-зҵаарақәа мҩаԥган Урыстәыла аокругқәа 406 анхарҭатә пунктқәа анхацәа рыбжьара.

Лаҵара 17 рзы Аҟәа иаатуеит COVID-19 аҟынтәи даҽа лаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥк

Алахәылацәа иразҵаауан аҳәаанырцәҟа ацаразы иаҭахханы иҟалар, иақәшаҳаҭума дара акороновирустә инфекциаҟынтә алаҵаҟаҵара ҳәа.

"COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҟазымҵац изыҿцәажәоз рыбжьара 20 процент азхиоуп алаҵаҟаҵара, 18% усгьы алаҵаҟаҵара рыгәҭакуп, 42% алаҵаҟаҵара зынӡагьы мап ацәыркуеит, 20% аҭак аҟаҵара рцәыуадаҩхеит ", - ҳәа арбоуп аҭҵаара.

Аҳәаанырцәҟа ацаразы алаҵаҟаҵара ишақәшаҳаҭу рҳәеит 21% ахацәа, аҳәса- 18%.

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааган мшаԥы 30 рзы, алаҵаҟаҵара нап аркын лаҵара 11 рзы. Алаҵаҟаҵаразы аҭыԥқәа азырхиоуп араионтә хәышәтәырҭақәа зегьы рҿы.

Аҟәа иаартхоит х-ҭыԥк алаҵаҟаҵаразы. Аԥхьа алаҵа рзыҟарҵоит амедусзуҩцәа, анаҩс арҵаҩцәа, асоцусзуҩцәа, азинхьчаҩцәа. Алаҵаҟаҵаразы заанаҵы ашәҟәы зҽанызҵаз аҭел ирзасны еилыркаауеит инеиуоу-имнеиуоу, нас ауп алаҵа ашьҭаҵарҭаҟынтә ианнарго. Алаҵа аныҟарҵо аҳақьымцәа алаҵа ззыҟарҵо ргәабзиара шыҟоу иазҵаалоит, игәарҭоит ршоура, изԥырхагахар ҟало ҳәа ззырԥхьаӡо ирыларҵаӡом. Алаҵа ззыҟарҵаз алаҵа шизыҟаҵоу азы ашәҟәы ирҭоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: