Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бигәаа Гал ахәаҷамаҷа анырҵәаразы имҩаԥырго ахәшәтәрақәа ирызкны

Гал араион иатәу ақыҭақәа рҟны арасаҭрақәа рыхәшәтәразы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Беслан Бигәаа.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бигәаа Гал ахәаҷамаҷа анырҵәаразы имҩаԥырго ахәшәтәрақәа ирызкны

"Амза 15 инаркны арасаҭрақәа вертолиотла ахәшәтәра иалаган. Қыҭацыԥхьаӡа аусурақәа цоит. Иара аверталиот АҶА иатәуп. Аладатәи азона ҳәа иахьашьҭоу аҿы 5 000 гектар рҟынӡа ахәышәтәра аҭахуп. Авертолиот шьҭыԥраауеит аԥша анамысуа, иахьа аусурақәа ҳзымҩаԥымгаӡеит. Ахәшәқәа ҳауит ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтә. Хәшәла ҳаибыҭоуп. Амш бзиахар, мчыбжьык ала аусурақәа зегьы хыркәшахоит. Иааизакны авертолиот 160 -нтә ишьҭыԥраараны иҟоуп. Аусурақәа алҵшәа рымоуп, уи азгәарҭоит анхацәа зегьы. Аҵиаақәа рхылаԥшразы аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа ишырҳәо ала, иахьазы имҩаԥысуа ахәшәтәрақәа алҵшәа бзиа роуроуп. Анхацәа руҭрақәа рҿы игылоуп акыгақәагьы, урҭгьы хәарҭа рымоуп. Иааизакны, аусурақәа зегьы анаҩс араса ахаҭабзиара ианыԥшуеит", - азгәеиҭеит Бигәаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҿы.