Арадио

Ҵулукьиа еиҭеиҳәеит Елыр еиҿкааз "ацқьара акциа" хықәкы хадас иамоу

Елыр ақыҭа ахада Ҭемыр Ҵулукьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арыцқьаратә усурақәа шымҩаԥырго аныҳәарҭа ааигәа иҟоу ԥасатәи ашкол ахыбра акәша-мыкәша, аԥхьаҟа гәҭакыс ирымоу атәы.
Sputnik
Ҵулукьиа еиҭеиҳәеит Елыр еиҿкааз "ацқьара акциа" хықәкы хадас иамоу

"Ақыҭа аџьабаа адбалатәуп. Аибашьра ҟалаанӡа ашкол ыҟан, аспортзалгьы. Схәыцит еиҭашьақәыргыланы аспорттә залк ҳзалҵуазар ҳәа… аҷкәынцәа срылаланы сразҵааит адгылара сырҭома ҳәа. Еизеит, атехника ааргеит: атрактор, амашьына ду, рхатә џьабаала абылтәы ҭарҭәеит, адгылара ҟарҵеит", - иҳәеит Ҵулукьиа.

Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.